Иракли Кобахиӡе  - «Ақырҭуа гәахәтәы» амуниципалитетқәа зегьы рҿы аиҳара роур ҟалап
Иракли Кобахиӡе  - «Ақырҭуа гәахәтәы» амуниципалитетқәа зегьы рҿы аиҳара роур ҟалап

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили ажәлар аинформациа рызцәыригеит амуниципалитетқәа Сакребуло рахь алхрақәа рылҵшәақәа ирызкны.

«Иахьа Сакребуло алхрақәа рахь алҵшәақәа реихшьаала ҟаҳҵеит.

Инеизакны, атәылаҿы, аполиткиатә партиақәа рыбжьара амандатқәа абас ишоуп:

«Ақырҭуа гәахәтәы» — 1 331; «Амилаҭтә ҵысра» 502; «Қырҭтәыла адгыларазы» — 109; «Лело» — 27; «Европатәи Қырҭтәыла» — 18.  Егьырҭ апартиақәа иаҳа имаҷны амандатқәа роуит.

«Ақырҭуа гәахәтәы»  Сакребуло аҿы амандартқәа  66% аиухьеит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, аҩбатәи атур ашьҭахь  «Ақырҭуа гәахәтәы» Сакребуло аҿы иҵегьы  2% аиуеит, амуниципалтә Сакребуло зегьы рҿы  аиҳара амазаауеит.