Иракли Кобахиӡе  - Абарҭ алхрақәа рҿы аполитикатә мчы заҵәык ауп иҟоу атәыла аҿиара иазкны ажәлар ирацәажәоз
Иракли Кобахиӡе  - Абарҭ алхрақәа рҿы аполитикатә мчы заҵәык ауп иҟоу атәыла аҿиара иазкны ажәлар ирацәажәоз

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира ихы алаирхәит Ваке алхырҭақәа руакы аҿы.

Иара ишиҳәаз ала,  абарҭ алхрақәа рҿы аполитикатә мчы заҵәык ауп иҟоу атәыла аҿиара иазкны ажәлар ирацәажәоз.

«Ишыжәдыруа ала, абарҭ алхрақәа рҿы аполитикатә мчы заҵәык ауп иҟоу атәыла аҿиара иазкны ажәлар ирацәажәоз. Сара агәра ганы сыҟоуп ажәлар абри аполитикатә мчы ишадгыло», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи амш ҭынч имҩаҧысроуп, алхыҩцәа ирзыманшәалоу алагылазаараҿы.