Иракли Ҕарибашвилии   Никол Ҧашиниани ҭелла еицәажәеит
Иракли Ҕарибашвилии  Никол Ҧашиниани ҭелла еицәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии  Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани ҭелла еиҿцәажәеит.

Аколлегацәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицура аусхәаҧштә иаҵанакәа еиуеиҧшым азҵарақәа ирылацәажәеит. 

Иара убас, Шәамахьатәыла аҧыза-министр ақырҭуа иколлега изеиҭеиҳәеит жьҭаара 31 рзы Шәача имҩаҧгаз 3 ганктәи аиҧылара алҵшәақәа. Ари аиҧылара рхы аладырхәит Шәамахьтәылеи,   Азербаиџьани, Урыстәылеи рлидерцәа. 

 Убри адагьы, Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани арегион аҿы аусеицуреи уажәазы иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.