Иракли Ҕарибашвили Зураб Азарашвилии ихаҭыҧуааи рҟны аусуратә аилатәара мҩаҧигеит
Иракли Ҕарибашвили Зураб Азарашвилии ихаҭыҧуааи рҟны аусуратә аилатәара мҩаҧигеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Зураб Азарашвилии ихаҭыҧуааи рҟны аусуратә аилатәара мҩаҧигеит.

Аусуратә аилатәара алахәылацәа 2023 шықәсазы аминистрра инанагӡараны иҟоу   апланқәеи ахадаратә хырхарҭақәеи ирылацәажәеит. Ҷыдала иазааҭгылеит  ,,Қырҭтәыла аҿиара астратегиа  – ахәаҧшыра  2030″ анагӡара адинамика.

Ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистри ихаҭыҧуааи  аҧыза-министр инарҭбаау аинформациа ирҭеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аминистрраҿы иҟоу аҭагылазаашьа иаҳа  аиҕьтәра амзызла зымҩаҧгара ргәы иҭоу аиҭакрақәа ирызкны.

Аусуратә аилатәараҿы ирзааҭгылеит зхаҭабзиара ҳараку ахәшәқәа рхархәара алшара аиҕьтәра амзызла имҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа.  Аминистри ихаҭыҧуааи ишазгәарҭаз ала, жәабран 15 инаркны амч роуеит ахәшәқәа рзы ишьақәыргылоу ареференттә ахәқәа. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, ҭырқәтәылатәи афармацевтикатә џьармыкьа аартра абзоурала, Қырҭтәыла ауааҧсыра, шықәсыкала  200 миллион лари аиҷаҳара рылшеит.

Аҧыза-министр иҟны аилатәараҿы аҿыц проектқәеи аинициативақәеигьы ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистри уи ихаҭыҧуааи адҵа ҿыцқәа риҭеит.