Иракли Ҕарибашвили – Уажәтәи анапхгара роуп атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыбзоуроу
Иракли Ҕарибашвили – Уажәтәи анапхгара роуп атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыбзоуроу

«Ҳхықәкы хада – атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчароуп, уи ҳмышхәыбзазаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Ҳтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны хынтә ҳаибашьхьеит,  иазхоуп.   Ҳара хшыҩкрала атәыла арҿиара ҳҭахуп, аибашьра акәымкәа, амилаҭтә политикоуп ҳзызҿлымҳау», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, уажәтәи анапхгара роуп атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыбзоуроу.

«Аполитикцәа  сразҵаар сҭахуп  —  аибашьраҿы дарбанызаалак аполитик дҭахама? Џьоукы  имцхәны ицәажәоит, Феисбуқ  активла рхы иадырхәоит,  дара, иҵабыргны, аибашьра алахәызаара рҭахызар,  селфи ахьҭырхуа Киев акәымкәа, афронтахь ицаны еибашьааит.

Рыцҳарак ҟалар, дара уи рхатә мзызқәа рзы рхы иадырхәар рҭахуп. Уи намысдароуп, гьангьашроуп, изакәызаалак ак ала ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара иадҳәалам.

«Аибашьра апартиа» ахаҭарнакцәеи рыхьчаҩ Ломџьариеи рҳәамҭақәа ҳгәалашәоит  —  абомбақәа каҳауазар еиҕьаҳшьоит. Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, аха, НАТОи Евроеидгылеи иалоу аҳәынҭқаррақәа рхы шымҩаҧырго шәахәаҧш.

Ҳҳәынҭқарра хәҭак импыҵахаланы иҟоуп. Убри аҟынтә, иаҳҳәо зегьы цқьа ҳазхәыцны иҳҳәароуп. Ҳара уи ибзиаӡаны еилаҳкаауеит. Дара  атәыла иазаарцаз азыҳәан есымша, шьыжьгьы хәылҧазгьы ажәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵалароуп.  Уажәы иаҳҟәаҵны, атәыла анапхгара аҭара алшара ҳарҭааит. Уажәтәи анапхгара роуп атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыбзоуроу», — иҳәеит Ҕарибашвили.