Иракли Ҕарибашвили  Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ахада Ален Симониан диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, ҩ-тәылак рпарламентқәа рыбжьара аусеицура иазааҭгылеит.  Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рпарламентқәа рыбжьара аусеицура аҿиара адинамика бзиоуп, уи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара иацхраауеит.

Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит арегионаҿ аҭагылазаашьа. Иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аҵакы, ишырҳәаз ала, еимактәыс иҟоу азҵаарақәа рҭыҧқәҵара амзызла, аганқәа зегьы иаамҭаны адеескалациеи адиалог аиҭалагареи иазҿлымҳауп.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла ирыднагалаз Аҭынчратә агәыларатә инициатива аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашақәыргыларазы ашьаҭа ҕәҕәас иҟалар ауеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиани, адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Едуард  Аҕаџьаниани, аҵареи, акультуреи, адиаспори, аҿари, аспорти рзы акомитет ахантәаҩы Сасик Габриелиани, Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа  адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Тигран Сеираниани. Қырҭтәыла аган аҟынтә – аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла аусқәа рзы аамҭалатәи ахаҭарнак Иракли Кванҷахаӡеи.