Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аинфраструктуреи  аҵакырадгьылтә администрациеи рзы аминистр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аинфраструктуреи  аҵакырадгьылтә администрациеи рзы аминистр диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аинфраструктуреи  аҵакырадгьылтә администрациеи рзы аминистр Вген Саносиан диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицуреи  аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.

Ҷыдала иазааҭгылеит арегионалтәи аинфраструктуратәи усхкы аҿы аусеицуреи наҟ- наҟ ари ахырхарҭала аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи. Ишазгәаҭаз ала, аекономикатә усхкы аҿы атәылақәа қәҿиарала аус еицыруеит, ари ахырхарҭала акрызҵазкәа апрогресс иҟоуп.