Иракли Ҕарибашвили – Сара  Дырмит Ҕвриҭишвилии ахеилак иалахәу егьырҭ аӡбаҩцәеи рҟынтә аинформациа соуит  ақәыҕәҕәареи аҽалагалареи афактқәа ирызкны,  иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара уи ҳшаҿагыло
Иракли Ҕарибашвили – Сара  Дырмит Ҕвриҭишвилии ахеилак иалахәу егьырҭ аӡбаҩцәеи рҟынтә аинформациа соуит  ақәыҕәҕәареи аҽалагалареи афактқәа ирызкны,  иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара уи ҳшаҿагыло

«Сара  Дырмит Ҕвриҭишвилии ахеилак иалахәы егьырҭ аӡбаҩцәеи рҟынтә аинформациа соуит  ақәыҕәҕәареи аҽалагалареи афактқәа ирызкны,  иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара уи ҳшаҿагыло», — Иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа данырҧыла ашьҭахь.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  иахьатәи аиҧылара ашәқәа ркны имҩаҧган, убри аҟынтә, аиҧылараҿы излацәажәоз зегьы аргаматәра илшом.

«Сара имаҷымкәа аинформациа саҳаит, узыргәамҵша аинформациагьы иҟан. Ақәыҕәҕәареи аҽалагалареи иазку аинформациагьы иҟан, даҽазнык иаҵшьын иазгәасҭар сҭахуп ҳара уи ҳшаҿагыло. Иара убас,  Иреиҳаӡоу ахеилак аҿы иҟоу имаҷымкәа аинициатива бзиақәа саҳаит, урҭгьы ҳрылацәажәеит.  Ақәыҕәҕәара иазку аинформациа сшоуз шьақәсырҕәҕәоит. Ари аинформациа  Дырмит Ҕвриҭишвилии ахеилак иалахәы егьырҭ аӡбаҩцәеи рҟынтә исаҳаит. Арҭ афактқәа аргама сызрылацәажәом, аха, ианаамҭалак ҳуааҧсыра аинформациа наӡа роуеит», — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.