Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит 

Украина имҩаҧысуа аибашьреи, арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи,  Америкаҟны апартниортә еизыҟазашьақәа рырҕәҕәареи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиҩызара ирывагылоуп,  ҩ-ганктәи,  иара убас,  аганрацәалатәи форматқәа рҿы  аполитикатәи агуманитартәи ганахьала Украина ацхраара  нарыгӡоит, Қырҭтәыла адипломатиатә усбарҭақәа  аибашьраангьы Киеви,  Одессеи,  Львови аусура нарыгӡоит.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  Украина аибашьра ианалага амш инарны Қырҭтәыла аиҳабыра агуманитартә ганахьала Украина иацхраауеит,  Украинаҟа идәықәҵоуп  500 тонна еиҳаны агуманитартә аидара,  ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит,  Қырҭтәыла иаҭааиз Украина атәылауаа иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы ирыцхраауеит.

Аҧыза-министр ишзгәеиҭаз ала,  аганрацәалатә форматқәа рҿы Қырҭтәыла активла Украина иадгылоуп,  Украина адгыларатә резолиуциқәа зегьы аспонсорцәа иреиуп.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара ихы алаирхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.