Иракли Ҕарибашвили -  Қырҭтәыла ҕәҕәа ақырҭуааи, аҧсуааи, ауаҧсааи, абри адгьыл иқәынхо ауааҧсыра зегьы   ирзеиҧшу ҩнаҭас ирзыҟалароуп
Иракли Ҕарибашвили -  Қырҭтәыла ҕәҕәа ақырҭуааи, аҧсуааи, ауаҧсааи, абри адгьыл иқәынхо ауааҧсыра зегьы   ирзеиҧшу ҩнаҭас ирзыҟалароуп

Қырҭтәыла ҕәҕәа ақырҭуааи, аҧсуааи, ауаҧсааи, абри адгьыл иқәынхо ауааҧсыра зегьы  ирзеиҧшу ҩнаҭас ирзыҟалароуп, уи ҳаидгыланы иҳаргылароуп, абри ахықәкы наҳагӡароуп, — иҳәеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы жәашықәсатәи аплан даналацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла абри ахықәкы анагӡаразы алшарақәа зегьы амоуп.

«Абри ахықәкы анагӡаразы агәырҵҟәылгьы апотенциалгьы ҳамоуп.  Ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа ҳазхылҵыз ауаа изышьҭаз атәыла ҳаргылароуп.  Убри азыҳәан атәылаҿы аполитикатә ҭынчреи, аҭышәынтәалареи, кыраамҭатәи аҿиареи ауп иаҳҭаху, ҳтәыла, ажәытәӡатә ауникалтә культуратә милаҭқәа рыгәҭа иақәнагоу аҭыҧ ааннакыларц азыҳәан», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.