Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла европатәи алхра  - альтернатива змам ҳаӡбароуп
Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла европатәи алхра  - альтернатива змам ҳаӡбароуп

«Қырҭтәыла европатәи алхра  – альтернатива змам ҳаӡбароуп, аиҳабыра мацара ракәӡам уи зыӡбаз, уи ақырҭуа жәлар рыӡбароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европа амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аҧыза-министр иҳәамҭала,  2014 шықәсазы аҭоурыхтә документ рыдыркылеит  — Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра, уи зҵакы дуу, апрактикатә алҵшәақәа ахылҵит.

«Ҳара даҽазнык ааҧхьарақәа зегьы ҳрыдгылоит, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп Украинеи аукраин жәлари ҳашрыдгыло, ҳаиҩызаратә жәлари аҳәынҭқарреи излауа ала ирласны аҭынчра ашьақәыргылара рзеиҕьаҳшьоит.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп Украина аибашьра ахыркәшара ҳазынтәгьы ҳзы аҵакы ду шамоу. Еиҭасҳәоит  – ҳәарада, уи Европа зегьы азы, Европа ашәарҭадаразы  апроблема дууп, ҳәарада, аибашьра алҵшәақәа адунеи зегьы ианыҧшуеит, Қырҭтәылагьы налаҵаны.

Убри аҟынтә, ҳаамҭазтәи адунеи  иахьа европа аҿаҧхьа иқәгылоу апроблема  ишақәҿнаҭуа ауп аус злоу. Ҳара, ақырҭуаа, азеиҧш ахадаратә принципқәа рыла Европа ҳадҳәалоуп, ҳара хаангьы абарҭ апринципқәа мап рцәаҳкуам. Нагӡара ақәзааит иаку Қырҭтәылеи Европеи», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр.