Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгареи, хаҭалатәи аилазаареи, аусзуҩцәеи гәыкала ирыдысныҳәалоит амаҵзура ашьаҭаркра инаркны  8 шықәса аҵра
Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгареи, хаҭалатәи аилазаареи, аусзуҩцәеи гәыкала ирыдысныҳәалоит амаҵзура ашьаҭаркра инаркны  8 шықәса аҵра

«Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгареи, хаҭалатәи аилазаареи, аусзуҩцәеи гәыкала ирыдысныҳәалоит амаҵзура ашьаҭаркра инаркны  8 шықәса аҵра», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Facebook аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Ашәарҭадара амаҵзура аусзуҩ цыҧхьаӡа иааирҧшуа азанааҭдырреи апатриотизми аҵакы ду рымоуп ҳтәылеи ҳажәлари рхықәкы хада анагӡара апроцессаан ҳҳәынҭқарра аҭышәынтәалара ахьчаразы.
«Ашәарҭадара амаҵзура, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, зхы иақәиҭу, европатәи астандартқәа ирышьашәалоу, ҳаамҭазтәи институтс ишьақәгылеит; уи аҩныҵҟатәи адәныҟатәи ашәарҭарақәа раарҧшреи, рпревенциеи, раҧыхреи апроцесс қәҿиарала еиқәнаршәоит, атерроризми акоррупциеи ирҿагыланы иқәҧоит, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны атәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадареи, ауаҩы ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи, атәыла аконституциатә аиҿкаашьеи, ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи ахьчоит.
Лассы-лассы шәусура аҧсҭазаареи агәабзиареи рзы ашәарҭара ахылҵуеит; иахьа даҽазнык ҳаҭырла исгәаласыршәар сҭахуп амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иҭахаз шәҩызцәа фырхацәа, шәколлегацәа фырхацәа.
Ашәарҭадара амаҵзура аусзуҩ цыҧхьаӡа иааирҧшуа азанааҭдырреи апатриотизми аҵакы ду рымоуп ҳтәылеи ҳажәлари рхықәкы хада анагӡара апроцессаан ҳҳәынҭқарра аҭышәынтәалара ахьчаразы.
Даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит азанааҭдырра дуи, ахмеигӡарала аҧхықәрақәа рынагӡареи, ҳтәыла азгәыкреи азыҳәан, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп иҳалшо ала ҳашшәыдгыло, ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит», — иҩит аҧыза-министр.