Иракли Ҕарибашвили Польша аҧыза-министр  Матеуш  Моравецки ҭелла диацәажәеит
Иракли Ҕарибашвили Польша аҧыза-министр  Матеуш  Моравецки ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Польша аҧыза-министр  Матеуш  Моравецки ҭелла диацәажәеит.

Аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Мрагыларатә Европа ашәарҭадареи Украина имҩаҧысуа аибашьреи иалацәажәеит.

«Иракли Ҕарибашвили  Матеуш  Моравецки ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи аҽазышәрақәеи рыдгыларазы.

Аиҳабыра рнапхагаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа шыҟанаҵаз, ари апроцесс аҿы апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы ду шамоу.

Иракли  Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, абри апроцесс аҿы аиҩызаратә Польша Қырҭтәыла иадгылап ҳәа дгәыҕуеит», — иануп аинформациаҿы.