Иракли Ҕарибашвили Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Польшатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рау диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун ахәаахәҭреи аекономикеи аусхкқәа рҿы аусеицура, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан ари ахырхарҭала аимадарақәа рырҭбаара аҵакы.

Аиҿцәажәараан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара  апроцессаҿ Польшантә атәыла иамоу адгылара аҵакы азгәарҭеит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Польша, алшара ахьыҟоу аформатқәа зегьы рҿы, аргама аанацҳауеит Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ишадгыло, Қырҭтәыла ари адгылара иҳаракны ахә ршьоит.