Иракли Ҕарибашвили – Ҧхынгәы 4 - Америка мацараз акәымкәа, адунеи зегьы азы ахақәиҭреи, адемократиеи, азеиҧш принципқәа рызгәыкреи  иасимволуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҧхынгәы 4 - Америка мацараз акәымкәа, адунеи зегьы азы ахақәиҭреи, адемократиеи, азеиҧш принципқәа рызгәыкреи  иасимволуп

«Ҳстратегиатә партниор – Америкеи америкауааи гәыкала ирыдысныҳәалоит ахьыҧшымра аиура инаркны  246 шықәса аҵра», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ҧхынгәы 4 – Америка мацараз акәымкәа, адунеи зегьы азы ахақәиҭреи, адемократиеи, азеиҧш принципқәа рызгәыкреи  иасимволуп.

«Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц  — ахақәиҭреи,    ахьыҧшымреи,  европатәи ҳҧеиҧш азықәҧареи аҭоурыхуп. Ҳтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны  ҳҩыза гәакьа,  ҳпартниор  – Америка  ари апроцесс аҿы еснагь иҳадгылан.

Ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа 30 шықәса рхыҵуеит,  ари аамҭа иалагӡаны  ҳара аусхкқәа зегьы,  ахырхарҭақәа зегьы рыла ҳпартниорра ҳарҕәҕәеит.

Американтә иҳамоу адгылара Қырҭтәыла арҕәҕәоит,  ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ахьчареи,  европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ҳтәылаҿы адемократиа арҕәҕәареи,  ахыхьчаралшара аизырҳареи,  аекономикатә аҿиареи  иацхраауеит. Ақырҭуа жәлар ари адгыларазы ҭабуп ҳәа шәарҳәоит.

Қырҭтәыла наҟ-нагьы азеиҧш принципқәа  ирықәныҟәоит,  ҳпартниорра иаҳа арҭбаара иазҿлымҳазаауеит.

Аиҩызаратә Америкеи америкауааи аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи рзеиҕьаҳшьоит. Қырҭтәылагьы  ақырҭуа жәларгьы америкатә ҳҩызцәа ирывагыланы ҧхынгәы 4 азгәарҭоит!», — иануп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.