Иракли Ҕарибашвили: Мшаҧы 9  - ҳара ҳазынтәгьы ҳзы аҵакы ҷыда змоу мшуп
Иракли Ҕарибашвили: Мшаҧы 9  - ҳара ҳазынтәгьы ҳзы аҵакы ҷыда змоу мшуп

Ҳара даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит зыҧсҭазаара иамеигӡакәа аҳақәиҭра амҩа ҳзаазыртыз афырхацәа,  усҟан,  абри амш аҽны,  зеиҧшҟамлац акзаареи,  ахамеигӡареи,  аидгылареи ала,  Қырҭтәыла мацара акәымкәа,  Асевет Еидгыла ҧасатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы рҧеиҧш ҳәаақәызҵаз   ауааҧсыра зегьы ҳраҭабууп,   –  иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳа «Фейсбук» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  мшаҧы  9 рзы,  Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ахақәиҭра аидеиазы рҽеидыркылан,  адунеи зегьы ирыларҳәеит ихьыҧшым адемократиатә,  европатәи аҳәынҭқарра аргылара шырыӡбаз.

«Мшаҧы 9  – ҳара ҳазынтәгьы ҳзы аҵакы ҷыда змоу мшуп .  Убри аҽны, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ахақәиҭра аидеиазы рҽеидыркылан,  адунеи зегьы ирыларҳәеит ихьыҧшым адемократиатә,  европатәи аҳәынҭқарра аргылара шырыӡбаз.

Звиад Гамсахурдиа иҳәон: Ажәлар зегьы рымухыр ауеит, аха ахақәиҭра ацәанырра узрымухуам. Ҳҭоурых ҳәаақәызҵаз абри ацәанырра  еилыккаа иаарҧшын 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы.  Иаҳа еиҕьу Қырҭтәыла аргылара иазку  ҳамҩа абри аҩызаҵәҟьа акзаарала ҳахысроуп», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.