Иракли Ҕарибашвили Катартәи Аекономикатә форум ихы алаирхәоит
Иракли Ҕарибашвили Катартәи Аекономикатә форум ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Катарҟа ддәықәлеит, иара аделегациагьы ицуп, уаҟа аиҳабыра рнапхгаҩы зыҩаӡара ҳараку есышықәсатәи Аекономикатә форум ихы алаирхәоит.

Афорум мҩаҧысуеит Катар аемир инапхгарала,  Bloomberg аиҿкаарала.

«Иракли Ҕарибашвили Аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа апанельтә дискуссиаҿы дықәгылоит.

Авизиат аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуцеит зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи», — иануп аиҳабыра радминистрациа адырраҿы.