Иракли Ҕарибашвили Израильтәи аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистри альтернативтә аҧыза-министри диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Израильтәи аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистри альтернативтә аҧыза-министри диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Израильтәи аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистри альтернативтә аҧыза-министри Иаир Лапид диҧылеит. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  ҩ-тәылак иҿырҧшыгоу аиҩызара ҕәҕәа рыбжьоуп,  уи шьақәдырҕәҕәоит 30-шықәсатәи адипломатиатә еизыҟазашьақәагьы.  Аганқәа хаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа арҭбаара иазыхиоуп. 

Иракли Ҕарибашвилии  Аиар Лапиди ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҳасабтәқәеи, аганрацәалатә форматқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. 

Израильтәи аҳәынҭқарра адәныҟатәиа усқәа рминистр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Израильтәи аҳәынҭқарра Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. 

Аиҧылра рхы аладырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии,  атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвилии, Израильтәи аҳәынҭқарраҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.