Иракли Ҕарибашвили  -  Изаамҭаным алхрақәа ирызку азҵаара ҳалацәажәом
Иракли Ҕарибашвили  -  Изаамҭаным алхрақәа ирызку азҵаара ҳалацәажәом

 

Иааҧҵәаны ишәасҳәар сҭахуп, изаамҭаным алхрақәа ирызкны аиҿцәажәрақәа рымҩаҧгара ҳгәы иҭам.  Ари азҵаара иаркуп, уи ҳалацәажәараны ҳаҟам, — иҳәеит аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла,  аоппозициаа  изаамҭаным алхрақәагьы рҭахым, адемократиатә алхрақәагьы рҭахым, дара мчыла анапхгара аҧсахра ауп ирҭаху.

«Аоппозициаа Саакашвили ишантаж иацымныҟәар, ҳара уи ҳаигәырҕьоит. Ҳара аконструктивтә усеицуреи, адиалоги, адебатқәеи  ҳрызхиоуп.  Аха, изаамҭаным алхрақәа ирыдҳәаланы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ҳгәы иҭам. Ари азҵаара иаркуп, уи ҳалацәажәараны ҳаҟам.  Дара изаамҭаным алхрақәагьы рҭахым, адемократиатә алхрақәагьы рҭахым, дара мчыла анапхгара аҧсахра ауп ирҭаху.  Убри азоуп Аконституциа аҳәаақәа изырҭыҵуа.   Убри аҟынтә, раҧхьа иргыланы, сара атәылаҿы аконституциатә аиҿкаара ашьақәыргылара сҽазыскуеит, атәылауаа зегьы азакәан иақәныҟәалароуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.