Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иерусалим Апатриарх Ҭеофил III-тәи диԥылеит.
Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ҕарибашвилии Ҭеофил III-тәии Қырҭтәылатәи Иерусaлимтәи ауахәамақәа ирыбжьоу аҭоурыхтә аимадарақәеи адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи дрыхцәажәеит. Иаҵшьны иазгәарҭуеит адунеи аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҵакы.
Иерусалим Апатариарх Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩи аделегациеи иныҳәаны, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.
Иерусалим Апатриарх Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩи аделегациа алахәылацәеи идикылеит Апатриархиаҿы.
Иракли Ӷарибашвилии аделегациеи Иерусалим иҟоу Анцәа идамра ауахәамаҿ дыҟан, уа Анцәа инышәынҭреи Голгофеи рҿы дныҳәеит.