Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахада, аҧыза-министри Дубаи аемират анапхгаҩи диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахада, аҧыза-министри Дубаи аемират анапхгаҩи диҧылеит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа авице-ахада, аҧыза-министри Дубаи аемират анапхгаҩи,  иаҳаракыра ашеих Моҳамед бин Рашид аль Мақтум  диҧылеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы  ашеих Моҳамед бин Рашид аль Мақтум адунеи аиҳабырақәа рсаммит қәҿиарала амҩаҧгара идныҳәаланы, иаҵшьны иазгәеиҭеит ари асаммит аҿы Қырҭтәыла алахәызаара аҵакы. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, адунеи аиҳабырақәа рсаммит аҿы иара  алшара бзиа иман мрагылареи мраҭашәареи еимыздо арегионалтә центр ҳасабала Қырҭтәыла аӡыргаразы. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи ҩ-ганктәи адинамикатә усеицура рыбжьоуп, аекономика аусхкы аҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа арҭбаара аҵакы ду амоуп.  

Аҧыза-министр ашеих Моҳамед бин Рашид аль Мақтум Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу аинвестициатә лагылазаара далацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит атәылашҟа  араҧтәи инвестициақәа рыдыҧхьалара аҵакы. 

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, абизнесклимат атранзиттә функциа иаҳа арҕәҕәара амзызла, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп иманшәалоу ахатә географиатә ҭыҧ инагӡаны ахархәара. Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи русеицура ҕәҕәа аҵакы ду амоуп Европеи Азиеи рыбжьара арыцхәтә аимадара арҭбааразы. 

Аиҧылара ашьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәа акабинет аусқәа рзы аминистр Моҳамад Абдула аль Гергави ҩ-тәылак рыбжьара аҳәынҭқарратә напхгараҭара  аҿиареи амодернизациеи аусхкы аҿы аҧышәа аиҭныҧсахлара иазку аилибакаара амеморандуп рнапы аҵарҩит.