Иракли Ҕарибашвили идҵала, Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы иалхразы аконкурс рылаҳәоуп
 Иракли Ҕарибашвили идҵала, Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы иалхразы аконкурс рылаҳәоуп

2022  шықәса ҧхынҷкәын 22 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз адҵа  №289 инқәыршәаны, Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы иҭыҧ азы акандидат иалхра амзызла  аконкурс рылаҳәоуп. Ари азҵаара иадҳәаланы аконкурстә комиссиа еиҿкаауп.

Аҧыза-министр идҵа инақәыршәаны, Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы иҭыҧ азы акандидат иалхра амзызла еиҿкаау акомиссиа иалоуп Қырҭтәыла аиҳабыреи, апарламенти, Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи, Апрокуратура хадеи, Жәлар рыхьчаҩи рхаҭарнакцәа.

Аконкурс аҽалархәразы аҭагылазаашьақәеи, аҿҳәареи, арзаҳал алаҵара апҟарақәеи  ирызку аинформациа Қырҭтәыла аиҳабыра рсаит ианылоит аконкурстә комиссиа актәи аилатара ашьҭахь мчыбжьык иахымгакәа.