2026 шықәса хәажәкыра 2 инаркны Антикоррупциатә биуро аҧыххоит, уи афункциақәа ииасуеит Аҳәынҭқарратә аудит амаҵзурахьы
Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, 2026 шықәса хәажәкыра 2 инаркны Антикоррупциатә биуро аҧыххоит.
Апарламентаҿ имҩаҧгаз абрифинг аҿы Паруашвили ишазгәеиҭаз ала, Антикоррупциатә биуро афункциақәа ииасуеит Аҳәынҭқарратә аудит амаҵзурахьы.
«Акоррупциа аҿагылара атәыла анапхгара рзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ари ахырхарҭала имаҷымкәа акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп. Ари апроцесс иалахәып Аиҳабыра радминистрациа реффективра адепартаменти, Аҳәынҭқарратә аудит амаҵзуреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи, апрокуратуреи.
Ари апроцессаҿ Антикоррупциатә биуро амаҵзурауааи, аполитикатә партиақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рдекларациақәа реизгареи амониторинги афункциа нанагӡоит. Ҳареи аиҳабыреи ҳаилацәажәаны ишыҳаӡбаз ала, ари афункциа Аҳәынҭқарратә аудит амаҵзурахьы ииагатәуп. Ари аинициатива инақәыршәаны, 2026 шықәса хәажәкыра 2 инаркны Антикоррупциатә биуро иаҧыххоит, уи афункциақәа ииасуеит Аҳәынҭқарратә аудит амаҵзурахьы», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.