Иракли Ҕарибашвили – Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа қәҿиарала изҭииз, актәи акурс иҭалаз аҿар зегьы ирыдысныҳәалоит, аҵара бзиа змоу аҿар – атәыла апрогресси аҕәҕәахареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили сынтәа актәи акурс иҭалаз аҿар зегьы Иаку амилаҭтә ҧышәақәа қәҿиарала рыҭира рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.
«Сҩызцәа қәыҧшцәа, актәи акурс иҭалаз аҿар, Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа қәҿиарала изҭииз ҳҿар зегьы гәыкала ишәыдысныҳәалоит. Абри аихьӡара шәџьабаа дуи, шәхақәкреи, шәҵареи иабзоуроуп. Шәыҧсҭазаараҿы аетап ҿыц иалагоит. Агәра ганы сыҟоуп шәҧеиҧши шәыҧсадгьыли рҿаҧхьа аҭакҧхықра ду шәхы иадҵаны, аҵара бзиа аиуреи, азанааҭтә аҿиареи шшәылшо. Аҵара бзиа змоу аҿар – атәыла апрогресси аҕәҕәахареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Убри аҟынтә, аҵара – сареи ҳаиҳабыреи ҳзы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа иреиуп, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аҿиара апроцессаҿ ҳшәыцхраарц азыҳәан. Даҽазнык ишәыдныҳәаланы, ақәҿиара зцу, аинтерес зҵоу астуденттә мҩа шәзеиҕьасшьоит, шәхықәкы анагӡара шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.