Иракли Ҕарибашвили – Ҳара аҩныҵҟатәи адҵа ҟаҳҵеит, уажәы Евроеидгыла аӡбара ҳазыҧшуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара аҩныҵҟатәи адҵа ҟаҳҵеит, уажәы Евроеидгыла аӡбара ҳазыҧшуп

«Ҳара аҩныҵҟатәи адҵа ҟаҳҵеит, уажәы Евроеидгыла аӡбара ҳазыҧшуп, ҳара еилаҳкаароуп астатус анашьара – аполитикатә аӡбара шакәу, уи астратегиатәи аморалатәи темоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аглобалтә шәарҭадара афорум аҿы.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла крызҵазкәа ареформақәа мҩаҧган.

«Уажәы аҭоурыхтә ҵакы змоу аамҭа ҳҭагылоуп. Уажәы Евроеидгылоуп изыӡбаша ахатә адгылаҩцәа ишрыдгылаша. Қырҭтәылагьы  2008 шықәсазы аибашьра иахысит. Ҳара ахә ду ҳшәеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра ахә ду ршәеит. Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара анеҩс,  1990-тәи ашықәсқәа рзы, ҩынтә Урыстәыла ҳабашьуан. Убри аҟынтә, ҳара алхра ҟаҳҵеит, уи ацивилизациатә зҵаароуп. Ҳара аҩныҵҟатәи адҵа ҟаҳҵеит. Евроеидгыла аӡбара ҳазыҧшуп. Ҳара еилаҳкаароуп астатус анашьара – аполитикатә аӡбара шакәу, уи астратегиатәи аморалатәи темоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.