Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхроуп хықәкыс иҳамоу, агәра ганы сыҟоуп Давиҭ Залкалиани ари  ахықәкы қәҿиарала ишынаигӡо
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхроуп хықәкыс иҳамоу, агәра ганы сыҟоуп Давиҭ Залкалиани ари  ахықәкы қәҿиарала ишынаигӡо

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Давиҭ Залкалиани  кыршықәсатәи аусуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Иара иажәақәа рыла, атәыла аиҳабыра Қырҭтәылеи Америкеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа даҽа ҩаӡарак ашҟа риагара ауп хықәкыс ирымоу.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, иара агәра ганы дыҟоуп Давиҭ Залкалиани Америкаҿ ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала ари ахықәкы қәҿиарала ишынаигӡо.

«Америка  — зегьы раасҭа зҵакы дуу ҳстратегиатә партниоруп. Ҳәарада, ҳаиҳабыра аҭакҧхықәра ду зцу амаҵзураҭыҧ азы  адипломатиатә ҧышәа ду змоу акадр данықәдыргыло, уи иаҵанакәа рацәоуп. Ҳара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхроуп хықәкыс иҳамоу, агәра ганы сыҟоуп Давиҭ Залкалиани ари  ахықәкы қәҿиарала ишынаигӡо», — иҳәеит аҧыза-министр.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Ишеилкаахаз ала, Давиҭ  Залкалиани аусура наигӡоит Америкаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала.