Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла аинициативала Прага имҩаҧысуа  Европатәи аполитикатә аидгыла раҧхьатәи асаммит далахәып
Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла аинициативала Прага имҩаҧысуа  Европатәи аполитикатә аидгыла раҧхьатәи асаммит далахәып

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Чехиатәи ареспублика аҳҭнықалақь Прага дыҟоуп, уаҟа иара  Евроеидгыла аинициативала имҩаҧысуа  Европатәи аполитикатә аидгыла  раҧхьатәи асаммит далахәып.

Иракли Ҕарибашвили  Европатәи аполитикатә аидгыла (EPC) актәи апленартә аилатәара ихы алаирхәит.

Асаммит апленартә аилатәара ааиртит Евроеидгыла ахантәаҩы-тәыла Чехиа аҧыза-министр  Петр Фиала.

Жьҭаара 6-7 рзы Чехиа аҳҭнықалақь Прага имҩаҧысуеит Евроеидгыла аинициативала иаҧҵоу Европатәи аполитикатә аидгыла раҧхьатәи асаммит. Асаммит иалахәып Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәеи  17 апартниор-ҳәынҭқаррақәеи.

Ақырҭуа делегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.

Аартра ацеремониа ашьҭахь,   Европатәи аполитикатә аидгыла иалоу аделегациақәа рнапхгаҩцәа еидгыланы рпатреҭ ҭырхит.

https://www.facebook.com/GeorgianGovernment/posts/471590328335319