Иракли Ҕарибашвили Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла ахеилак ахантәаҩы тәыла, Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Иан Липавски диҧылеит.

Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла ахеилак аҿы ахантәаҩраан Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла ивизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Чехиа Қырҭтәыла априоритетқәа ишрыдгыло. Ари аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан евроинтеграциа апроцессаҿ Чехиа Қырҭтәыла иазаанарҧшуа  адгылара аҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогресс иалацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистр изеиҭеиҳәеит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ иҟоу адинамика иазкны.

Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит Евроеидгыла аҧшьгарала еиҿкаау Европатәи аполитикатә аидҵара раҧхьатәи асаммит, уи Прага имҩаҧган. Ишазгәаҭаз ала, асаммит аҳәақәа ирҭагӡаны имҩаҧган аинтерес зҵаз иакымкәа адискуссиақәа, уи иалахәыз адунеитә лидерцәа иахьазы иҟоу апроблемақәа қәҿиарала рыӡбаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун ашәарҭадара аганахьала арегиони адунеи рҿы аҭагылазаашьа. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла астратегиатә ҭыҧ аҵакы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла  атранспорттә маршрутқәа рдиверсификациа апроцесси афымцала Европа аиқәыршәареи аҿы крызҵазкәа ароль нанагӡар алшоит.

Ишазгәаҭаз ала, арегионаҿ Қырҭтәыла Евроеидгылазы зыгәра угаша партниоруп.