Иракли Ҕарибашвили  Буба Кикабиӡе иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит
Иракли Ҕарибашвили  Буба Кикабиӡе иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Вахтанг (Буба) Кикабиӡе иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит.

«Иалкаау ақырҭуа артист  — актиори ашәаҳәаҩи  Буба Кикабиӡе иҧсра даараӡа сгәы иалсит.

Ҳтәыла  абиҧара рацәа гәыкала бзиа ирбо аперсонажцәа  иара ихьӡ иадҳәалоуп, иара иаҧиҵаз ахаҿсахьақәа аамҭа ала иҧышәоуп, урҭ иҵегьы акыраамҭа ахәаҧшцәа агәахәара  ду рзааргалоит.

Иҭаацәареи, иуацәеи, иҩызцәеи срыдашшылоит», — иануп Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз адашшылараҿы.

Ашәаҳәаҩ, акиноактиор, арежиссиор, асценарист, Қырҭтәыла жәлартә артист Вахтанг  (Буба) Кикабиӡе 84 шықәса дшырҭагылаз  иҧсҭазаара далҵит.