Иракли Ҕарибашвили,  Бриуссель, Европарламент ахада дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель, Европарламент ахада дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Европарламент ахада Роберта Метсола дылҧылеит. 

Аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла астатус аиура аперспектива. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ақырҭуа жәлар  евроинтеграциа апроцесс аҿы Европарламенти Евроеидгыла аинститутқәеи рҟынтә Қырҭтәыла иамоу адгылара ахә ршьоит, ҷыдала,  атәыла Еврокомиссиа ахәшьареи Ахеилак иашьашәалоу аӡбареи ианазыҧшу аамҭазы.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ишадгыло,  иара убас,  иара ишиҳәаз ала,  аукраин жәлар рыцхрааразы,  Қырҭтәылантә,  аҳаиртәи адгьылтәи мҩала Украинаҟа идәықәырҵахьеит 500 тонна еиҳаны агуманитартә аидара. Ирҭбаау аформат аҿы имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь, аҧыза-министри Европарламент ахадеи ишиашо аформат аҿы еиҧылеит. Иракли Ҕарибашвили Европарламент асас дахьқәа рышәҟәы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит. Қырҭтәыла аҧыза-министр Европарламент ахада ҭабуп ҳәа леиҳәеит Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс аҿы Европарламент еснагь Қырҭтәыла иахьадгыло азыҳәан. 

Ари атәы аарыцҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура