Саманта Пауер – Аҧыза-министр Ҕарибашвили ҷыдала ҳиаҭабууп атса ала арҟьашьра аҽацәыхьчареи ахәышәтәреи иазку иҽазышәарақәа рзы
Саманта Пауер – Аҧыза-министр Ҕарибашвили ҷыдала ҳиаҭабууп атса ала арҟьашьра аҽацәыхьчареи ахәышәтәреи иазку иҽазышәарақәа рзы

Аҧыза-министр Ҕарибашвили ҷыдала ҳиаҭабууп атса ала арҟьашьра аҽацәыхьчареи ахәышәтәреи иазку иҽазышәарақәа рзы. Иара иҽазышәарақәа рыбзоурала,  зегьы реиҳа азарал зауз атәыла арегионқәа рҿы ашьаҿы атса армаҷра рылшеит, – илҳәеит Жәларбжьаратәи аҿиаразы америкатә агентра (USAID) анапхгаҩы Саманта Пауер Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз апанельтә дискуссиаҿы данықәгылоз. Ари адискуссиа далахәын Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилигьы.

«Есышықәса  1,6 миллионҩык ауааҧсыра атса амшала иҧсуеит. Иахьазы жәларбжьаратәи адонорцәа ари апроблема аҿагылара иазоурыжьҭуеит  15 миллион адоллар мацара. Акыршықәса рыҩныҵҟа ахәыҷқәа аклассқәа рҿы, ашьҭаларҭаҿ, ахәмарратә ашҭақәа рҿы атса рҧырхагахон. Атса рыфатәи иржәо арыжәтәи  иалоуп, ирыдыркыло ахәшәқәа ирылоуп», — илҳәеит Саманта Пауер.