Иракли Ҕарибашвили  Братислава ахан аҿы агала-уаххьеи аҳамҭаҭара ацеремониеи аҿы
Иракли Ҕарибашвили  Братислава ахан аҿы агала-уаххьеи аҳамҭаҭара ацеремониеи аҿы

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили,  аделегациа алахәылацәа дрыцны,  Аглобалтә шәарҭадара афорум  (GLOBSEC) агала-уаххьеи аҳамҭаҭара ацеремониеи ихы рылеихәит.

Аделегациақәа рнапхгаҩцәеи афорум иалахәы атәылақәа рделегатцәеи ирызкыз ауснагӡатә мҩаҧысит Братислава ахан аҿы.

Атрадициатә аҳамҭаҭара ацеремониаҿы аукраин жәлар иранашьан Чехиеи Словакиеи Атрансатлантикатә премиа.

Иара убас,  иахьа аҳамҭа ианашьан абригадатә аинрал, Чехиа  Акибершәарҭадареи аинформациатә шәарҭадареи азы Амилаҭтә усбарҭа адиректор Карел Жехка.