Иракли Ҕарибашвили  аусуратә визитла Ереванҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили  аусуратә визитла Ереванҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили,  Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан иааҧхьарала,  аусуратә визитла Ереванҟа ддәықәлеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ицуп аиҳабыра алахәылацәагьы.

Рашәара 20-21 рзы аҧыза-министр Катар имҩаҧысуа аекономикатә форум ихы алаирхәоит,  уаҟа Иракли Ҕарибашвили апанельтә дискуссиаҿы дықәгылоит.

Рашәара  28-30 рзы аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Мадрид имҩаҧысуа НАТО асаммит ихы алаирхәоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыл аҧыза-министр ипресс-маҵзура.