Иракли  Ҕарибашвили – Ауааҧсыра зегьы агәаанагара аарҧшра азин рымоуп
Иракли  Ҕарибашвили – Ауааҧсыра зегьы агәаанагара аарҧшра азин рымоуп

Иракли  Ҕарибашвили – Ауааҧсыра зегьы агәаанагара аарҧшра азин рымоуп

«Ауааҧсыра зегьы агәаанагара аарҧшра азин рымоуп,  амитингқәа рылагьы», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қарҭ имҩаҧысуа акциа даналацәажәоз.

«2012 шықәса инаркны ҳтәылаҿы ахақәиҭреи адемократиеи аҳра рымоуп. Ареалтә демократиаҵәҟьа. Ауааҧсыра зегьы агәаанагара аарҧшра азин рымоуп,  амитингқәа рылагьы.

Убри аҟынтә,   абарҭ ахҭысқәа  иџьоушьаратәы иҟам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Иахьа,  Намохвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра,  Қарҭ,  Ареспублика ашҭаҿы,  акциа ду мҩаҧыргоит.