Иракли Ҕарибашвили Австриаҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили Австриаҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили, Австриатәи ареспублика афедералтә канцлер Карл Нехаммер иааҧхьарала, аофициалтә визитла Вена даҭааит.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ҕарибашвили иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.