Иракли Ҕарибашвили ашықәсҿыцтәи адкылараҿы адипломатцәа идикылеит
Иракли Ҕарибашвили ашықәсҿыцтәи адкылараҿы адипломатцәа идикылеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Қырҭтәыла аус зуа  адипломатиатә корпуси жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи  ахаҭарнакцәа ашықәсҿыцтәи адкылараҿы идикылеит, аиҳабыра рнапхгаҩы дицын иҧҳәыс Нунука Ҭамзашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩцәа иааиуа Ашықәс ҿыц рыдныҳәаланы, шықәсык иалагӡаны атәылаҿы иҟаз ақәҿирақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи дрылацәажәеит.

Иракли  Ҕарибашвили  ацҳаражәҳәаҩцәа  адгылареи аиҩызареи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Адкылараҿ иҟан анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәагьы.