Иракли Ҕарибашвили – Апроектқәа зегьы арегионқәа рырҕәҕәареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи ауп изызку
Иракли Ҕарибашвили – Апроектқәа зегьы арегионқәа рырҕәҕәареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи ауп изызку

«Аекономикатә ҭышәынтәаларазы арегионқәа рырҿиареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи ауп иаҭаху. Ҳара имҩаҧааго апроектқәа зегьы арегионқәа рырҕәҕәареи аҭыҧаҿы аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи ауп изызку.  Аҳәынҭқарратә программа  «Ирҿыцу арегионқәа» актәи аетап  500 миллион  лари иаҧсоуп. Арегионқәа зегьы активла аҧсабаратә газ ала еиқәҳаршәоит, аӡылеиқәыршәаратә инфраструктура аҧаҳҵоит», — иҳәеит Аҧыза-министр шықәсыктәи аҳасабырбареи атәыла аҿиара жәашықәсатәи   аплани апарламент аҿы анцәыригоз.

Иара иажәақәа рыла, аплан инақәыршәаны, ақыҭақәеи ақыҭанхамҩеи рырҕәҕәара аполитика мҩаҧыргоит.

«Аплан инақәыршәаны, ақыҭақәеи ақыҭанхамҩеи рырҕәҕәара аполитика мҩаҧаагоит. Ҵыҧхгьы сынтәагьы  «Ақыҭа адгылара апрограмма» аҳәаақәа ирҭагӡаны,   8300 иреиҳаны аинфраструктуратә проектқәа аҧара рзоушьҭын. Афинансқәа раиуразы алшара духеит. Ари аганахьала алҵшәа бзиақәа ҳамоуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.