Иракли Ҕарибашвили - Аполициеи аполициа аусзуҩцәеи русура ишахәым ала ахцәажәареи, раҳаҭыр аларҟәреи ҳзақәшаҳаҭхом, аҳәынҭқарра, компромиссда, абри аҩыза аҽазкра цыҧхьаӡа ишахәҭоу ала иақәҿнаҭуеит
«Антиҳәынҭқарратә мчқәак, иааҟәымҵӡакәа, хықәкыла, аполициеи аполициа аусзуҩцәеи русура ишахәым ала иахцәажәоит. Аҳәынҭқарра, компромиссда, абри аҩыза аҽазкра цыҧхьаӡа ишахәҭоу ала иақәҿнаҭуеит», – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аполициа аусзуҩ имш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аполициа аусзуҩцәа зегьы дара имҩаҧырго аусуреи, рыхмеигӡареи, рзанааҭдырреи азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
„Рыцҳарас иҟалаз, даӡәымкәа шәҩызцәа абри афырхаҵаратә усура иалаӡит. Зегьы реиҳа зыхә дуу – рыҧсҭазаара иамеигӡакәа, ҳтәыла зхы ақәызҵаз, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡара аан ҳтәылеи ҳажәлари рзы фырхаҵарала иҭахаз аполициа аусзуҩцәа срымҵахырхәоит. Сара рҭаацәарақәеи, ранацәеи рабацәеи, рыҳәсеи, рхылҵи ирасҳәар сҭахуп аҳәынҭқарра еснагь ишрыдгыло.
Шәусура шыхьанҭоу здыруеит, ишәасҳәар сҭахуп аҧсадгьыли ахатә уаажәлари рымаҵ аура аҵкыс еиҳау, иаҳа зыхә дуу, иаҳа аҳаҭыр зцу амаҵзура шыҟам.
Рыцҳарас иҟалаз, антиҳәынҭқарратә мчқәак, иааҟәымҵӡакәа, хықәкыла, аполициеи аполициа аусзуҩцәеи русура ишахәым ала иахцәажәоит, раҳаҭыр ладырҟәыр рҭахуп, аха, аҳәынҭқарра уи изақәшаҳаҭхом. Аҳәынҭқарра, компромиссда, абри аҩыз аҽазкра цыҧхьаӡа ишахәҭоу ала иақәҿнаҭуеит, ҳара иаҧсоу ҳполициа аусзуҩцәа рыхьӡ аларҟәра ҳақәшаҳаҭхом.
Ҳара иаҳа ирацәаны ишәзыҟаҳҵароуп, шәсоциалтә ҭагылазаашьа еиҕьаҳтәроуп, шәсоциалтә гарантиақәа еиқәҳаршәароуп.
Иахьа ,аполициа, аполитикатә ганахьала, анеитралтә усбарҭоуп. Иахьа ҳполициа ҕәҕәоуп, иашаны аус ауеит, апрофессионалтә полициа ҳамоуп. Сара даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ҳара ҳгәы шәыздууп.
Шәара аминистр бзиаҵәҟьа дшәымоуп. Ҳаҭыр зқәу Вахтанг Гомелаури ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Аполициа аусзуҩ цыҧхьаӡа даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит. Анцәа дышәхылаҧшааит”, – иҳәеит Аҧыза-министр.