Иракли Ҕарибашвили аофициалтә визитла Саудтәи Аравиашҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили аофициалтә визитла Саудтәи Аравиашҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аофициалтә визитла Саудтәи Аравиашҟа ддәықәлеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы аделегациа ицуп.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧысуеит зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа.  

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.