Иракли Ҕарибашвили америкатә сенаторцәеи аконгрессменцәеи дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили америкатә сенаторцәеи аконгрессменцәеи дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили америкатә сенаторцәеи аконгрессменцәеи дырҧылеит, Қырҭтәыла иаҭааиз аделегациа анапхгара азиуеит Сенат аҿы иҟоу адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет алахәыла, асенатор Қрис Қунс.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун азеиҧш принципқәеи аинтересқәеи рышьаҭала Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара ишьақәгылаз астратегиатә партниорра. Ишазгәаҭаз ала, аделегациа рвизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахатә стратегиатә партниор иҟынтә адгылара ҕәҕәа шамоу. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла адемократиатә институтқәеи ахыхьчаралшареи арҕәҕәареи аекономикатә аҿиара ацхраареи аганахьала Америка инанагӡо ароль ду.

Аҧыза-министр аделегациа алахәылацәа ирзышьақәирҕәҕәеит ахыхьчара аусхки, иара убас, ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи хырхарҭеи аҿы апартниорра иаҳа арҕәҕәара амзызла аусеицура арҭбаара дшазыхиоу. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла,  арегион аҿгьы уи анҭыҵгьы, Америказы еснагь иҟан егьаанхоит зыгәра ргаша партниорс.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазашьазы ари аибашьра иамоу анырреи. Ишазгәаҭаз ала, жәларбжьаратәи уаажәларра ароль ду нанагӡоит аибашьра излауа ала ирласны ахыркәшара апроцесс аҿы. Хшыҩзышьҭра рызун Украинеи аукраин жәлари рыцхраразы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿақәа, аполитикатәи, иара убас, агуманитартәи хырхарҭала, урҭ рыбжьара – жәларбжьаратәи аформатқәа рҿы Украина иадҳәалоу арезолиуциақәа рыдгылара алагьы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Украинаҟа идәқәнаҵахьеит 500 тонна еиҳаны агуманитартә аидара, ари апроцесс нагӡахоит.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун америкатә Конгресс аҟынтә Қырҭтәыла иамоу ҩ-партиактәи адгылара, аҧыза-министр аделегациа алахәылацәа уи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аделегациа алахәылацәа Иракли Ҕарибашвили изышьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.