Иракли Ҕарибашвили – Аҳәынҭқарра азауад  «Борџьоми» алахәылас иҟалоит
Иракли Ҕарибашвили – Аҳәынҭқарра азауад  «Борџьоми» алахәылас иҟалоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала,  «Борџьоми» акционерцәа рҟны имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа қәҿиарала ихыркәшоуп. Иара ишазгәеиҭаз ала,  аҳәынҭқарра азауад  «Борџьоми» алахәылас иҟалоит.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  аилахәыра  «Борџьоми» аҿы  иҟаз апроблемақәа зегьы аҭыҧ иқәырҵоит.

««Борџьоми» акционерцәа рҟны имҩаҧаагоз аиҿцәажәарақәа иахьа қәҿиарала ихыркәшан,  Қырҭтәыла аиҳабыра акционерцәа ргәыҧ иалахәызаауеит,  ари аилаӡара хәыда-ҧсада иҳадаҳкылеит. Ҳара хәыҧсада акциақәа ҳауеит,  убри анеҩс,  аҳәынҭқарра  «Борџьоми» акционерцәа ргәыҧ иалахәызаауеит. «Борџьоми» аҿы иҟаз апроблемақәа зегьы аҭыҧ иқәаҳҵоит. Ари азҵааразы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рҟны ҳаиқәшаҳаҭхеит,  Британиа Ду аконсультациақәа мҩаҧаагеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп зыӡбахәы ҳәоу аилаӡара шҳадаҳкылаз жәларбжьаратәи зин анормақәа зегьы ирышьашәаланы», — иҳәеит аҧыза-министр.