Иракли Ҕарибашвили аҭырқәа еилахәыра “Лимак ҳолдинг” ахантәаҩы дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили аҭырқәа еилахәыра “Лимак ҳолдинг” ахантәаҩы дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Давос ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭырқәа еилахәыра “Лимак ҳалдинг” ахантәаҩы Ебру Оздемир дылҧылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа, Евроеидгылеи, Китаии, арегион егьырҭ атәылақәеи рҟны Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан арегионалтә транзиттә центр ҳасабала Қырҭтәыла инанагӡо ароли ари ахырхарҭала аҿиара аперспективақәеи. 

Аҧыза-министришиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша абзоурала, апандемиа аамышьҭахь, атәыла аекономика ирласӡаны аиҭашьақәыргылара иаҿуп.