Иракли Ӷарибашвили - Лаҵара 23 рзы ҳаҧсадгьыл аҿы Аҧсны амш иазгәаҳҭоит
Иракли Ӷарибашвили - Лаҵара 23 рзы ҳаҧсадгьыл аҿы Аҧсны амш иазгәаҳҭоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ауааԥсыра Аԥсны амш рыдиныҳәалоит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иныҳәарала ишьаҭаркыз абри атрадициа ссир ақырҭуааи аҧсуааи ракзаара аанарҧшуеит

“Лаҵара 23 рзы ҳаҧсадгьыл аҿы Аҧсны амш иазгәаҳҭоит.  Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, ҷыдала аҧсуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала ари амш рыдысныҳәалоит.  Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иныҳәарала ишьаҭаркыз абри атрадициа ссир ақырҭуааи аҧсуааи ракзаара аанарҧшуеит. Иахьа ҳара ампыҵахалатә цәаҳәала ҳаиҟәшоуп, аха, иаҳзеиҧшу рацәоуп  –  азеиҧш аҭоурыхи,  акультуреи, ҳхылҵ иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәыршәара агәазыҳәареи. Абри зегьы  агәыҕра ҳзаанагоит уаҵәтәи амш акзаареи, аҭынчреи, аиҩызареи ирымшхап ҳәа. Ҳара уи азыҳәан иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа аханатә аидҵареи, иҿиаауп европатәи аҳәынҭқарра ҕәҕәа  аргылареи шҳалшо”, – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.