Иракли Ӷарибашвили - Кезеравшили иҟынтә афинансркра змоу аоппозициатә партиақәа анапхгарахь ааира апретензиа ахьрымоу игәыԥжәагатәу хҭысуп
Иракли Ӷарибашвили - Кезеравшили иҟынтә афинансркра змоу аоппозициатә партиақәа анапхгарахь ааира апретензиа ахьрымоу игәыԥжәагатәу хҭысуп

Кезерашвилии анапхыцәгьаҩцәа рыла ишьақәгылоу ибандеи европатәи атәанчаҩҵәа аԥара шырцәырӷьычыз зегьы ижәбеит, миллион евро ирӷьычит, ари аскандал аҟынтә акцент аиагара рҭахуп арҭ ауаа, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ари афакт иазкә адыррақәа аларҵәара аиуаанӡа мчыбжьқәак шагыз, Кезерашвили дықәгылаш дышолигарху, аоппозициаа аԥара шриҭо шьақәирӷәӷәеит.

„Ауаҩы дықәгылан икаицақәаз зегьы иҳәеит. Аха ихадоу атема рзеилымкааит ауааԥсыра – ашәышықәсатәи аӷьычра Кезерашвили шихароу, Кезеравшили иҟынтә афинансркра змоу аоппозициатә партиақәа анапхгарахь аара апретенциа ахьрымоу агәыԥжәагатә хҭысуп. Ари иазкны иқәшәыргылароуп азҵаарақәа. Европатәи аусԥшааратә усҳәарҭақәа ари  аус ишахәҭоу еиԥш ҭырҵаауеит ҳәа сгәраганы сыҟоуп“, – иҳәеит Ӷарибашвили.