Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 5-ҩык ирыдбалан.
Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит 79-ҩык, урҭ рҟынтә 5-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан.
Импыҵахалоу Аҧсны aкоронaвирус ирыдбалан 247-ҩык aуaaҧсырa, 101 -ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 3-ҩык иҧсит.