Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 179-ҩык рыдбалоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 179-ҩык рыдбалоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  528-ҩык, урҭ рҟынтә 179-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 245-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 29-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны, Гәдоуҭа апациентк иԥсҭазаара далҵит. Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 9 961-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит 7 506-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 142-ҩык.