Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус ала 92 шықәса зхыҵуа абырг дычмазаҩхеит
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус ала 92 шықәса зхыҵуа абырг дычмазаҩхеит

Аих ишаарыцҳауа ала, импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус ала 92 шықәса зхыҵуа абырг дычмазаҩхеит.

Ичмазаҩхаз ауаҩы Гагра дынхоит, 92 шықәса ихыҵуеит.

“Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирус рылоу ирыламу аилкааразы атест иахыжьын хәҩык. Урҭ рахьтә ԥшьҩык акоронавирус шрыламыз шьақәырӷәӷәан. Аӡәы акоронавирус азы дызхысыз атест COVID-19 шилаз аанарԥшит”, – ҳәа аарыцҳаит импыҵахалоу Аҧсны  иҟоу Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аҟынтә.