Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 38 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, пациентк иԥсҭазаара далҵит
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 38 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, пациентк иԥсҭазаара далҵит

Иҳaҩсыз уaхи-ҽни рылa  импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус азы иҟаҵан   216 атестқәа, 38-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп.

Аҧсны иҟоу аковид-центрқәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 106-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 27-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿ пациентк иԥсҭазаара далҵит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аҧсны акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  14 984-ҩык, урҭ рҟынтә 13907-ҩык ачымазара иалҵхьеит,  225-ҩык апациентцәа иҧсит.