Илиа Дарчиашвилии Израиль адәныҟатәи аусқәа рминистри ҭелла еицәажәеит
Илиа Дарчиашвилии Израиль адәныҟатәи аусқәа рминистри ҭелла еицәажәеит

 

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Израиль адәныҟатәи аусқәа рминистр Иаир Лапиди  ҭелла еицәажәеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, Иаир Лапид ақырҭуа иколлега амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аиҿцәажәараан аминистрцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Израили рҭоурыхтә еиҩызара, иара убас,  ҳаҧхьаҟа апартниорра арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит. Дара ишазгәарҭаз ала, аекономикатә усеицуразы апотенциал ду иҟоуп.

Уи адагьы, аҭелтә аиҿцәажәараан, Илиа Дарчиашвилии Иаир Лапиди арегионалтә шәарҭадарагьы иалацәажәеит.