Илиа Дарчиашвили  - Апартниорцәа иаартны ирҳәоит ҳтәыла европатәи аперспектива аҵакы ду шамоу, убри аҟынтә, дара европатәи аҭаацәарашҟа ҳинтеграциа иадгылоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит
Илиа Дарчиашвили  - Апартниорцәа иаартны ирҳәоит ҳтәыла европатәи аперспектива аҵакы ду шамоу, убри аҟынтә, дара европатәи аҭаацәарашҟа ҳинтеграциа иадгылоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иҳәамҭала, Бриуссель ивизит аан Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш алацәажәара алшара иоуеит.

«Уажәааны Қырҭтәыла, аҿҳәаранӡа азҵаабҕьыц харҭәааны, анкетақәа рыҩбагьы  Евроеидгыла азцәырнагеит. Ари апроцесс ҳтәылазы аҵакы ду амоуп.  Бриуссель имҩаҧааго аиҧыларақәа  аҵакы ду рымоуп, ҳпартниорцәа Қырҭтәыла иадгылароуп. Уажәааны сара Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр сиҧылеит. Ҳпартниорцәа ибзианы иҳазныҟәоит.  Ҩ-ганктәи аформатқәа рҿы ҳпартниорцәа иаартны ирҳәоит Қырҭтәыла европатәи аперспектива дара рзы аҵакы ду шамоу. Убри аҟынтә, европатәи аҭаацәарашҟа ҳинтеграциа иадгылоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.